Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Гәнаҳароума аҭаҭын ахара?

Гәнаҳароума аҭаҭын ахара?

Абиблиа иану

 Абиблиаҿы аҭаҭын ахара a, ма уи даҽакала ахархәара иазкны акгьы анӡам. Аха уаҟа иаагоуп апринципқәа ицқьам ма агәабзиара иаԥырхагоу ашьцыларақәа Анцәа дышрықәыӡбо узырбо, убри аҟынтә аҭаҭын ахара гәнаҳароуп.

  •   Аԥсҭазаара пату ақәҵара. «Анцәа... зегьы ԥсҭазаара риҭоит, аԥсыԥ лага-ҩагара рылиршоит» (Аусқәа 17:24, 25). Аԥсҭазаара Анцәа иҳамҭоуп, убри аҟынтә ҳаԥсҭазаара зыркьаҿуа ак аҟаҵара ҳахәҭам, иаҳҳәап аҭаҭын ахара. Аҭаҭын ахара аԥсра зыхҟьо зегь реиҳа ирыларҵәоу мзызуп ҳәа иԥхьаӡоуп.

  •   Иаҳзааигәоу иахь абзиабара. «Бзиа дба иузааигәоу, ухы еиԥш» (Матфеи 22:39). Аҭаҭын иамыхо ахьыҟоу аҭаҭын ҳахозар абзиабара ааҳарԥшуеит ҳәа ҳазҳәом. Аҭаҭын иахо ирхылҵуа алҩа, аҭаҭын иамыхо еиҳа ачымазарақәа рызцәырнагар алшоит, уи иахо раасҭа.

  •   Ацқьара ахьчара. «Шәцәеижь Анцәа игәаҳәаразы ицқьоу, иԥшьоу, абзиара иазҳәоу ԥсаҭатәс иҟашәҵаразы» (Римаа рахь 12:1). «Ҳцәеижьи ҳгәи-ҳаԥси ицқьам, ибзиам зегь рахьтә иаҳрыцқьап — ацқьацәа рхы шымҩаԥырго ҳхы мҩаԥаҳгап, Анцәа ҳицәшәаӡыӡап» (2 Коринфаа рахь 7:1). Аҭаҭын ахара ацқьара иаԥырхагоуп, избанзар аҭаҭын иахо ишырдыруа уи иалоу атоксинқәа лбаардоит, уи агәабзиара аԥырхага ӷәӷәа анаҭоит.

Ианума Абиблиаҿы амарихуанеи егьырҭ анаркотик маҭәашьарқәеи агәахәаразы рыдкылара атәы?

 Абиблиаҿы амарихуанеи егьырҭ анаркотикқәеи рыӡбахә анӡам. Аха уаҟа иаагоуп ашьцылара узцәырызго, ус еиԥш иҟоу амаҭәашьарқәа агәахәаразы ахархәара шиашам узырбо апринципқәа. Хыхь иаагоу апринципқәа рахь иацаҳҵар ҳалшоит даҽа принципқәак.

  •   Ҳахшыҩ ацклаԥшра ахәҭоуп. «Бзиа дба Иҳақәиҭу Унцәа... удырра наӡала» (Матфеи 22:37, 38). «Еснагь шәгәышәҽаныз, шәыхиаз» (1 Пиотр 1:13). Анаркотик здызкыло ауаҩы ихшыҩ ацклаԥшра ицәыуадаҩуп. Аӡәырҩы уи итҟәаны иамоуп. Анаркоманцәа еснагь анаркотик ауп изызхәыцуа, уи ада уаҳа ибзиоу акгьы иазхәыцӡом (Филиппаа рахь 4:8).

  •   Аҳәынҭқарра азакәанқәа рзыӡырҩра. «Ауааԥсыра иргәаларшәала аиҳабыреи иаԥу егьырҭ амчрақәеи ирыххәыцларазы, рҳәатәы иқәныҟәаларазы» (Тит иахь 3:1). Тәылақәак рҿы анаркотикқәа рыдкылара аконтроль ӷәӷәа азыруеит. Ҳара Анцәа дҳаргәырӷьаларц ҳҭахызар аҳәынҭқарра азакәанқәа ҳарзыӡырҩлароуп (Римаа рахь 13:1).

a Аҭаҭын ахара ахь иаҵанакуеит ишудыруа аҭаҭынлҩа албаадара асигаретеи, асигареи, аҭаҭынжәгеи акальиани ирхылҵуа. Аха арҭ апринципқәа рахь иаҵанакуеит ирҟаҟо, насгьы изыфыҩуа аҭаҭыни, аникотин злоу аелектронтә сигаретқәеи, насгьы убас еиԥш иҟоу аҭаҭын хкқәеи.