2 Коринфаа рахь 7:1—16

  • «Ҳцәеижьи ҳгәаҭеи зҟьашьуа зегь аҟынтә ҳҽаҳрыцқьап» (1)

  • Павел коринфаа дрылаҽхәоит (2—4)

  • Тит ажәабжь бзиақәа иманы даауеит (5—7)

  • Анцәа игәы иақәшәо алахьеиқәреи ахьхәреи (8—16)

7  Бзиа избо сашьцәа, Анцәа абарҭқәа ҳрықәиргәыӷит азы, шәааи ҳцәеижьи ҳгәаҭеи* зҟьашьуа зегь аҟынтә ҳҽаҳрыцқьап, Анцәа иҿаԥхьа ашәара аарԥшуа, еиҳа-еиҳа ҳаԥшьахалап.  Шәыгәқәа рҿы ҳара ҳзы аҭыԥ шәыԥшаа. Ҳара аӡәгьы ацәгьара изаҳмуӡеит, аӡәгьы дыбжьаҳамхӡеит, аӡәгьы ҳхы даҳмырхәаӡеит.  Сшәықәыӡбарц азы акәӡам уи зысҳәо. Ишәасымҳәахьеи ҳаԥсуазаргьы ҳанхозаргьы ҳгәы шәышҭоу.  Исҳәарц исҭаху аартны ишәасҳәар сылшоит, сшәылаҽхәоит, сгәы ҭынчуп, арыцҳарақәа ҳашрықәшәогьы, сгәы гәырӷьарала иҭәуп.  Македониаҟа ҳанаа, агәҭынчра закәу ҳхашҭит. Адәахьала ашьҭашәарыцарақәа ҳдыргәаҟуан, ҩныҵҟала — агәҭынчымрақәа. Анахьгьы арахьгьы ԥсеивгаха ҳамамызт.  Аха Тит данаа, згәы каҳаны иҟоу ргәы шьҭызхуа Анцәа уи ила ҳгәы шьҭихит.  Ҳгәы шьҭызхыз Тит дахьааз мацара акәӡам, шәара шәҟынтә агәырӷьара иманы дахьаазгьы ҳгәы шьҭнахит. Иара иаҳзеиҭеиҳәеит шәара сыжәбарц шышәҭаху, шәылахь шеиқәу, хьаас сышшәымоу. Уи зегь ансаҳа, еиҳагьы сгәырӷьеит.  Ишәзысҩыз асаламшәҟәы шәылахь еиқәнаҵазаргьы, уи ахьышәзысҩыз сахьхәӡом. Раԥхьа изышәзысҩи ҳәагьы аасгәахәит, избанзар шәылахь еиқәнаҵеит, аха уи аамҭала акәын,  аха уажәшьҭа сгәырӷьоит. Сзеигәырӷьо уи шәылахь ахьеиқәнаҵаз акәӡам, сзеигәырӷьо шәылахьеиқәра ахьхәра иахьшәыцхрааз ауп. Шәылахьеиқәра Анцәа игәы иақәшәо лахьеиқәроуп азы, ҳажәақәа ԥырхага шәырымҭаӡеит. 10  Анцәа игәы иақәшәо алахьеиқәра ахьхәра иуцхраауеит, аиқәхара унаҭоит. Уи аҩыза алахьеиқәра еснагь ахәарҭа узаанагоит. Ари адунеи иатәу алахьеиқәра акәзар, аԥсрахьы унанагоит. 11  Шәахәаԥш изакә гәацԥыҳәароу Анцәа игәы иақәшәо алахьеиқәра ишәнаҭаз. Шәара шәҽышәрыцқьар* шәҭаххеит, иҽеим ахымҩаԥгашьа шәцәымыӷхеит, Анцәа шәицәшәеит, гәык-ԥсыкала шәахьхәырц шәҭаххеит, агәацԥыҳәара аарԥшны иҽеимыз аҭагылазаашьа шәыриашеит. Убасала ари азҵаараҿы зегь рыла шәшыцқьоу* аашәырԥшит. 12  Сара изҩыз зышәзысҩыз ацәгьара зуз изы акәӡам, уи ацәгьара ԥырхага знаҭаз изгьы акәӡам. Сара уи зышәзысҩыз шаҟа ҳҳәатәы шәықәныҟәо Анцәа иҿаԥхьа иааԥшырц азоуп. 13  Убри ауп ҳгәы зырҭынчыз. Аха Тит игәырӷьароуп еиҳагьы ҳзыргәырӷьаз, избанзар шәара зегьы игәы шьҭышәхит. 14  Сара Тит иҿаԥхьа шәсырҽхәеит, уи сагьахьымхәӡеит. Шәырҽхәаны иаҳҳәаз иашахеит, ишәаҳҳәоз зегь шиашаз еиԥш. 15  Уи адагьы, игәыбылра шәара шәахь еиҳагьы еиҳахоит, шәҳәатәхаҵареи ҳаҭыр ду иқәҵаны дышшәыдышәкылази анигәалашәо. 16  Сшәықәгәыӷыртә шәахьыҟоу* даараӡа сеигәырӷьоит.

Албаагақәа

Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «ҳдоуҳаи».
Ма «шәыхьӡ шәрыцқьар».
Ма «акгьы шышәхарам».
Мамзаргьы иҟалап «сгәы ахьышьҭышәхыз».