Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Абиблиа аҵаразы ацхыраагӡақәа

Ҳбиблиотекаҿы ишәыԥшаауеит хәыда-ԥсада иҟоу Абиблиа аҵаразы ацхыраагӡақәа. Арҭ ацхыраагӡақәа шәбиблиатә ҭҵаара еиӷьнатәуеит, насгьы Абиблиа еиҳа инарҵауланы аилкаара ишәыцхраауеит. Хәыда-ԥсада иҟоу онлаин-Абиблиаҿы аҭҵаараҿы иуцхраауа афункциақәа рацәоуп. Иара убас шәхы иашәырхәалар шәылшоит авидеонҵамҭақәа, абиблиатә енциклопедиа, атлас, абиблиатә терминқәа ржәар, насгьы Абиблиа аҵаразы егьырҭ ацхыраагӡақәа.

Шәаԥхьала Абиблиа онлаин

Еилышәкаа ииашаны еиҭагоу, зыԥхьара мариоу аиҭага «Адунеи ҿыц» ҷыдарақәас иамоу.

Абиблиа аҵаразы авидеонҵамҭақәа

Абиблиатә шәҟәқәа рыхҳәаа

Абиблиатә шәҟәқәа анарыҩуаз, ишырыҩуаз, насгьы урҭ ирну икьаҿу аинформациа.

Ихадоу абиблиатә ҵарақәа

Икьаҿу арҭ авидеонҵамҭақәа рҿы шәара ишәыԥшаауеит ихадоу абиблиатә зҵаарақәа рҭак, иаҳҳәап: Изишазеи Анцәа адгьыл? Иарбан ҭагылазаашьоу ирымоу иԥсхьоу? Избан Анцәа агәаҟрақәа заанимкыло?

Абиблиа аҵаразы ацхыраагӡақәеи иацу аматериалқәеи

Абиблиатә енциклопедиа

«Понимание Писания» аҿы зқьыла аенциклопедиатә статиақәа аагоуп. Урҭ астатиақәа ауааи, аҭыԥқәеи, аҵиаақәеи, аԥстәқәеи аԥсаатәқәеи, акрызҵазкуа ахҭысқәеи, Абиблиаҿы иуԥыло ажәақәеи ирызкуп. Ихыуҩылаар алшо аформат аҿы иара убас иҟоуп ахсаалақәеи, афотосахьақәеи, асахьақәеи, насгьы атемақәеи абиблиатә жәеинраалақәеи риндекс.

Абиблиа ахҳәаа

Аброшиура «Библия и её главная тема» аҿы иааркьаҿны иаагоуп Абиблиа аҵаки уи иану ихадоу атемеи.

Абиблиатә атлас

Атлас «Посмотрите на „прекрасную землю“» аҿы иуԥылоит абиблиатә аамҭақәа раан адунеи зеиԥшраз узырбо ахсаалақәеи асхемақәеи, еиҳарак израильаа зқәыргәыӷыз адгьыл еиуеиԥшым аамҭақәа рзы.

Амш иазалху абиблиатә жәеинраала

«Есыҽны Аҩыра ҭаҳҵаауеит» захьӡу аброшиураҿы шәара ишәыԥшаауеит амш иазалху икьаҿу абиблиатә жәеинраала, насгьы уи иазку акомментари.

Абиблиа аԥхьаразы апланқәа

Шәара Абиблиа аԥхьаразы аплан шьақәшәыргыларц шәҭахызар, иаҳҳәап, есыҽны шәаԥхьаларц, шықәсык ала шәаԥхьарц, ма раԥхьаӡа акәны шәаԥхьозар, ари аграфик шәыцхраауеит.

Абиблиатә зҵаарақәа рҭак

Анцәеи, Иисуси, аҭаацәеи, агәаҟрақәеи, егьырҭ атемақәеи ирызкны Абиблиа иану еилышәкаа.

Онлаин-абиблиотека (opens new window)

Иҭышәҵаала Абиблиа онлаин Иегова ишаҳаҭцәа рпубликациақәа рыла.

Арҵаҩы ицхыраарала Абиблиа аҵара

Ишәҭаарц аҳәара ҟашәҵа

Шәгәы иҵхо библиатә зҵаарак еилшәырга, ма Иегова ишаҳаҭцәа ирызкны еиҳаны еилышәкаа