Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Амш иазалху абиблиатә жәеинраала

Амш иазалху абиблиатә жәеинраала

«Есыҽны Аҩыра ҭаҳҵаауеит» захьӡу аброшиураҿы шәара ишәыԥшаауеит амш иазалху абиблиатә жәеинраала, насгьы уи иазку акомментари. Ари апубликациа шәыцхраауеит есыҽны шьыжьы инаркны абиблиатә темақәа ирызку, шәгәы шьҭызхуа ахәыцрақәа рыла шәыхшыҩ азыҟаҵара.

Ажәеинраалеи уи иаҵанакуа акомментарии ианышәзыманшәалоу шәаԥхьар шшәылшогьы, аӡәырҩы уи шьыжьымҭанла аҟаҵара ргәаԥхоит. Убасҟан ишәоуеит алшара шәзыԥхьаз амш аҩныҵҟа азхәыцра. Ажәеинраала ҭаацәаныла еилшәыргалар, уи еиҳагьы ахәарҭа шәзаанагоит.

Амш иазалху абиблиатә жәеинраала «Ахьчаратә бааш онлаин-абиблиотекаҿы» шәаԥхьалар шәылшоит. Иара убас уи аброшиура PDF форматла ихыжәҩылаар шәылшоит, уа ашықәс зегь иазалху абиблиатә жәеинраалақәа шәыԥшаауеит. Уи аформат икьыԥхьу апубликациа иеиԥшуп.