Матфеи иҟынтә ажәабжь бзиа 22:1—46

  • Ачара иазку аҿырԥштәы (1—14)

  • Анцәеи ацезари (15—22)

  • Аԥсҭалара иадҳәалоу азҵаара (23—33)

  • Зегь реиҳа ихадоу ҩ-ԥҟарак (34—40)

  • Христос Давид иԥа иоума? (41—46)

22  Иисус урҭ даҽа ҿырԥштәқәак рзеиҭеиҳәеит:  «Жәҩантәи Аҳра зԥа ачара изызуз аҳ иеиԥшуп.  Аҳ имаҵуцәа ишьҭит, ачара заҳәаз шәааи ҳәа рарҳәарц, аха дара ачарахь аара рҭахымхеит.  Усҟан иара даҽа шьоукы абас раҳәаны ишьҭит: „Ачара заҳәо абас сызрашәҳә: ‚Сара афатә сырхиеит, ацәқәеи иреиӷьыз ашьтәақәеи сшьит, зегь хиоуп. Шәааи ачарахь‘“.  Аха дара уи хьаас имкыкәа, дасу русқәа рахь ицеит, аӡәы — имхахьы, даҽаӡәы — ак аҭира,  егьырҭ ракәзар, аҳ имаҵуцәа аума рзаарцан, иршьит.  Аҳ уи игәы ԥнажәеит, убри аҟынтә иеибашьцәа ишьҭит. Дара ашьра ҟазҵаз ықәырхит, рықалақьгьы рблит.  Нас имаҵуцәа ус реиҳәеит: „Ачаразы зегь мазеиуп, аха изаҳәаз иаԥсоу ракәымхеит.  Убри аҟынтә ақалақь ахь уназго амҩадуқәа рахь шәцаны, ишәԥыло зегь ачарахь иаашәыԥхьа“. 10  Амаҵуцәагьы амҩадуқәа рахь ицан, ирԥылоз зегьы ачарахь ааԥхьара рырҭеит, ауаа цәгьақәагьы, ауаа бзиақәагьы. Ачара ахьыруаз аҭыԥгьы асасцәа рыла иҭәит. 11  Аҳ асасцәа дрылаԥшырц данааи, ачара маҭәа зшәымыз хаҵак дибеит. 12  Аҳ уи диазҵааит: „Ачара маҭәа ушәӡамкәа арахь узлаҩналеи?“ Аха иара ҿиҭуамызт. 13  Усҟан аҳ имаҵуцәа иреиҳәеит: „Инапқәеи ишьапқәеи ҿаҳәаны, дыршәны, алашьцара далашәыжь. Уа иара ихаԥыц аҿҿа арго дҵәыуалоит“. 14  Изаҳәо рацәаҩуп, аха иалху маҷҩуп». 15  Уи ашьҭахь афарисеицәа Иисус иакәым ак идырҳәарц еибырҳәеит. 16  Дара рҵаҩцәеи И́род ишьҭанеицәеи Иисус иахь инарышьҭит, абас иарҳәарц: «Арҵаҩы, ҳара иаҳдыруеит уара еснагь аиаша шуҳәо, Анцәа имҩа иазкны ауаа идурҵогьы шиашоу. Уара ауаа ирҳәо уашьҭаӡам, избанзар ауаҩы иааникыло аҭыԥ уахәаԥшӡом. 17  Акы ҳуазҵаар ҳҭахын, угәы ишԥаанаго, ацезарь ашәахтә изшәара аҭаху-иаҭахыму?» 18  Аха Иисус урҭ ргәы ацәгьара шҭаз идыруан азы, ус иҳәеит: «Сԥышәшәарц шәзашьҭои, ҩ-цәак зхарԥоу шәара? 19  Исшәырба ашәахтә злашәшәо аԥара». Усҟан дара адинар* изааргеит. 20  Иисус дразҵааит: «Зсахьеи зыхьӡи аныда ара?» 21  «Ацезарь», — рҳәеит дара. Усҟан иара иҳәеит: «Ус акәзар, ацезарь иитәу ацезарь ишәҭала, Анцәа иитәу — Анцәа». 22  Урҭ ираҳаз џьашьаны, Иисус иԥырҵны ицеит. 23  Убри аҽны аԥсцәа рыԥсы ҭалаӡом ҳәа зҳәо асаддукеицәа наидгылан, ус иарҳәеит: 24  «Арҵаҩы, Моисеи излеиҳәаз ала, „аӡәы ахшара димоуӡакәа дыԥсыр, иԥҳәыс иашьа ԥҳәысс дигароуп, иԥсыз ишьҭра иациҵарц азы“. 25  Иҟан быжьҩык аишьцәа. Аиҳабы аԥҳәыс дааиган, ахшара димоуӡакәа дыԥсит, иԥҳәысгьы иашьа дизынхеит. 26  Убас ихьит аҩбатәигьы, нас ахԥатәигьы, убас рыбыжьҩыкгьы. 27  Аҵыхәтәаны уи аԥҳәысгьы дыԥсит. 28  Рыбыжьҩыкгьы уи ԥҳәысс дрыман. Нас, рыԥсы анҭало, дызтәхода лара?» 29  Иисус ус реиҳәеит: «Шәара шәҩашьоит, избанзар Аҩыра ианугьы шәыздырӡом, Анцәа имчгьы шаҟа иӷәӷәоу шәзеилкааӡом. 30  Аԥсҭалара аныҟало, ахацәа аҳәса ааргалаӡом, аҳәсагьы хаҵа ицалаӡом, избанзар урҭ ажәҩан аҿы иҟоу амаалықьцәа иреиԥшхоит. 31  Аԥсҭалара иазкны иаҳҳәозар, шәамыԥхьаӡаци Анцәа ишиҳәаз 32  „Сара Авраами, Исааки, Иакови Рынцәа соуп“ ҳәа? Иара зыԥсы ҭам Рынцәа иакәӡам, зыԥсы ҭоу Рынцәа иоуп». 33  Ари заҳаз ауаа Иисус дышцәажәоз даараӡа иџьаршьеит. 34  Афарисеицәа ианраҳа, Иисус асаддукеицәа ирҳәо рҿамшәо ишыҟаиҵаз, асаддукеицәеи дареи рҽеидкыланы Иисус иахь инеит. 35  Азакәан ибзианы издыруаз урҭ руаӡәк Иисус дԥишәарц азы диазҵааит: 36  «Арҵаҩы, иарбан ԥҟароу Азакәан аҿы зегь реиҳа ихадоу?» 37  Иара иҳәеит: «„Бзиа дыжәбала Шәынцәа Иегова* гәык-ԥсыкала, шәыԥси* шәыхшыҩи иара изышәк“. 38  Ари актәи ԥҟароуп, зегь раасҭагьы ихадоуп. 39  Аҩбатәигьы уи иеиԥшуп: „Ишәзааигәоу шәхы бзиа ишыжәбо еиԥш бзиа дыжәбала“. 40  Абарҭ ҩ-ԥҟарак роуп Моисеи изакәани аԥааимбарцәа ирҩыз ашәҟәқәеи шьаҭас ирымоу». 41  Афарисеицәа уа иахьынӡаҟаз Иисус ус дразҵааит: 42  «Шәгәы ишԥаанаго, дызусҭада Христос? Дызԥада иара?» Дара ирҳәеит: «Давид иԥа иоуп». 43  Иара дразҵааит: «Избан, нас, Давид иԥшьоу адоуҳа ианиҵанаҳәа, уи Исықәиҭу ҳәа изҳәаны, абас зиҳәаз: 44  „Иегова Исықәиҭу иеиҳәеит: ‚Сарӷьараҿы утәаз, уаӷацәа ушьапаҿы ишьҭасҵаанӡа‘“? 45  Давид уи Исықәиҭу ҳәа изиҳәазар, нас, иԥа злаиакәзеи?» 46  Аха дара акгьы рзымҳәаӡеит. Убри нахыс ак азҵаара аӡәгьы изыгәаӷьуамызт.

Албаагақәа

Адинар — 3,85 грамм иҟаз раӡны ԥаран. Уи мышкала идырҳауан. Шәахәаԥш Ацҵа Б14.
Шәахәаԥш Ацҵа А5.
Шәахәаԥш Ажәар, астатиа «Аԥсы».