Апостолцәа иҟарҵоз аусқәа 17:1—34

  • Павели Силеи Фессалоника иҟоуп (1—9)

  • Павели Силеи Вериа иҟоуп (10—15)

  • Павел Афина дыҟоуп (16—22а)

  • Павел Ареопаг агәҭа ажәахә иҳәоит (22б—34)

17  Дара Амфи́польи Апполо́ниеи ирылсны, ауриацәа рсинагога ахьыҟаз Фессало́никаҟа ицеит.  Павел абжьааԥны ишыҟаиҵалоз еиԥш, асинагогахь дцеит. Уа иара х-сабшак инеиԥынкыланы Аҩыра ихы иархәаны ауаа драцәажәон.  Иара Христос дгәаҟраны, нас иԥсы ҭалараны дшыҟаз деилыркаауа, ашьақәырӷәӷәарақәа рзааигон. Иара иҳәон: «Иисус ҳәа зыӡбахә шәзеиҭасҳәо — Христос иоуп».  Уи ашьҭахь изыӡырҩуаз рахьтә шьоукы Иисус иҵаҩцәахан, Павели Си́леи рыҽрыдыркылеит. Иара убас Иисус иҵаҩцәаны иҟалеит Анцәа ицәшәоз имаҷҩымкәа абырзенцәеи еицырдыруаз, ҳаҭыр зқәыз аҳәсеи.  Уи ауриацәа ашьыцра рызцәырнаган, аџьармыкьаҿы усда-ҳәысда иқәыз ауаа рыцырхырааны ажәлар еизырган, ақалақь хыла-гәыла еиларҵеит. Дара Павели Силеи ажәлар ирырҭарц рҭахын, убри азы ирышьҭаланы Иасо́н иҩны инеин, ашә ԥҽны иҩналеит.  Аха ианырымба, Иасо́ни егьырҭ аишьцәеи рыманы, ақалақь ахадацәа рахь иаан, рыбжьы ырцәгьаны ус рҳәеит: «Адунеи зегь хыла-гәыла еилазҵаз арҭ ауаа арахьгьы иааит,  Иасо́н иакәзар, урҭ идикылеит. Дара зегьы ацезарь изакәан иаҿагылоит, Иисус ҳәа даҽа аҳак дыҟоуп ҳәа рҳәоит».  Ақалақь ахадацәеи ажәлари ари анраҳа, ишәеит.  Иасо́ни егьырҭ аишьцәеи ирыхәҭаз аԥара аныддыршәа ашьҭахь ауп ианоурышьҭ. 10  Аишьцәа уи аухаҵәҟьа Павели Си́леи Ве́риаҟа идәықәырҵеит. Ишнеиҵәҟьаз еиԥш, дара ауриацәа рсинагогахь ицеит. 11  Ве́риа инхоз ауаа Фессало́ника инхоз раасҭа здырра ҭбааз уаан. Дара гәык-ԥсыкала Анцәа иажәа рыдыркылеит, насгьы есыҽны инарҵауланы Аҩыра ҭырҵаауан, уа ианызи ирарҳәози еиқәшәоу-еиқәымшәоу гәарҭарц азы. 12  Урҭ рҟынтә Иисус иҵаҩцәа ракәны иҟалаз рацәаҩхеит. Иара убас Иисус иҵаҩцәаны иҟалеит ҳаҭыр зқәыз имаҷҩымкәа абырзен ҳәсақәеи ахацәа шьоуки. 13  Аха Фессало́ника инхоз ауриацәа Павел Ве́риагьы ауаа Анцәа иажәа шрылеиҳәоз анраҳа, уахь ицан, аҵәы ршуа ажәлар еизыргеит. 14  Усҟан аишьцәа аамҭа мгакәа, Павел амшын аԥшаҳәахьы ддәықәырҵеит. Си́леи Тимофеии уа иаангылеит. 15  Аишьцәа Павел Афинанӡа днаскьарган, ихынҳәит. Дара рыла иара Си́леи Тимофеии ирзынаицҳаит, алшара шаароулак, иара иахь инеирц. 16  Павел урҭ Афина дырзыԥшын. Ақалақь аидолқәа рыла ишҭәыз аниба, игәы ԥжәеит. 17  Иара асинагогаҿы ауриацәеи Анцәа ицәшәоз егьырҭ ауааи Аҩыра деилиркаауан, насгьы есыҽны аџьармыкьаҿы иқәшәоз зегьы драцәажәон. 18  Афилософцәа шьоукы — Епику́р ишьҭанеицәеи астоикцәеи — Павел ажәа имакра иалагеит. Шьоукы ирҳәон: «Ииҳәарц ииҭахузеи ари абарбарҩы?» Даҽа шьоукы ирҳәон: «Зыӡбахә имоу атәымнцәахәқәа ракәзар ҟалап». Ус зырҳәоз Павел Иисуси аԥсҭалареи ирызку ажәабжь бзиа ахьиҳәоз азоуп. 19  Дара Павел Ареопа́г ахь дырган, ус иарҳәеит: «Иаҳзеиҭаҳәа ауаа ирылаурҵәо аҵара-дырра ҿыц хыс-ҵыхәас иамоу? 20  Узлацәажәо ҳара ахаан иаҳмаҳацт. Уи иаанаго еилаҳкаар ҳҭахуп». 21  Афинааи уи ақалақь аҿы инхоз атәымтәылауааи рыԥсы аныршьоз, иҿыцу ак аилкаареи уи алацәажәареи бзиа ирбон, уи акәын ԥсыршьагас ирымаз. 22  Павел Ареопаг агәҭа дҩагылан, ус иҳәеит: «Афинаа, излазбо ала, шәара егьырҭ зегь раасҭа анцәақәа шәрыцәшәоит. 23  Ақалақь сахьалаз, иԥшьоу шәҭыԥқәа санрыхәаԥшуаз, избеит „Иаҳзымдыруа Анцәа изы“ ҳәа зну акәырбаннагарҭа. Ишәзымдырӡакәа шәзымҵахырхәо Анцәа иоуп зыӡбахә шәзеиҭасҳәогьы. 24  Ажәҩани адгьыли Ирықәиҭу, адунеии уи иқәуи зегь зшаз Анцәа ауаа рнапала идыргыло аныҳәарҭақәа рҿы дынхаӡом. 25  Иара акы дазгәаҟуашәа ауаа ак анирҭо, ак анизыҟарҵо ҳәа дыԥшӡам, избанзар иара иоуп ауаа аԥсҭазаара рызҭо, рыԥсыԥ алагаҩагара рылзыршо, ирымоу зегь рызҭо. 26  Иара аӡәы заҵәык иҟынтә ажәларқәа ҿиартә, урҭ адгьыл ықәдырҭәаартә иҟаиҵеит, зегь аамҭа азалихит, ажәларқәа ахьынхаша аҭыԥ рзалихит. 27  Анцәа ус зыҟаиҵаз ауаа гәык-ԥсыкала иԥшаара иашьҭазарц, дагьырыԥшаарц азоуп, избанзар уи ҳара даҳцәыхараӡам. 28  Иара илоуп ҳара ҳаԥсы злаҭоу, ҳазланеи-ааиуа, ҳазлаҟоу. Шәпоетцәа шьоукгьы ирҳәоит „ҳара зегьы иара ихәыҷқәа ҳауп“ ҳәа. 29  Ихәыҷқәа ҳакәзар, ҳгәы иаанамгароуп Анцәа ауаа ахьы, ма араӡны, ма ахаҳә иалхны, рхы иҭҳәааны иҟарҵо акы деиԥшуп ҳәа. 30  Анцәа уаанӡа ауаа рымдыррала иҟарҵоз ичҳауан, аха уажәы адгьыл иқәынхо зегьы рыгәнаҳақәа ирыхьхәырц реиҳәоит. 31  Избанзар иара иалихыз ауаҩы ила адунеи иқәынхо зегь рус ииашаны ианиӡбо амш азԥиҵәахьеит. Анцәа уи иԥсы ҭеиҵеит, убри алагьы уи амш шааиуа ауаа зегьы агәра диргеит». 32  Аԥсҭалара атәы заҳаз шьоукы аччара иалагеит, егьырҭ: «Даҽазны ҳаузыӡырҩып», — рҳәеит. 33  Нас Павел уантәи дцеит. 34  Аха шьоукы иара иццеит, Иисус иҵаҩцәа ракәынгьы иҟалеит. Урҭ рыбжьара иҟан Ареопа́г аҿы ӡбаҩыс иҟаз Диони́си, Дама́рь зыхьӡыз аԥҳәыс, уҳәа убас егьырҭгьы.

Албаагақәа