Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

АУРОК 8

Избан Анцәа ацәгьареи агәаҟрақәеи зиаҩижьуа?

Избан Анцәа ацәгьареи агәаҟрақәеи зиаҩижьуа?

1. Ишԥацәырҵи ацәгьара?

Анцәа абриаҟара аамҭа ауаатәыҩсатә напхгара ахьиаҩижьуа иаанарԥшуеит ауаа рхала рхатәы уадаҩрақәа рыӡбара шрылымшо

Ацәгьара адгьылаҿ ианцәырҵыз, Аҩсҭаа раԥхьатәи амц аниҳәаз ауп. Раԥхьа Аҩсҭаа инаӡаз маалықьын, аха иара «иҽизнымкылт алашараҿ» (Иоанн 8:44). Иара иҭаххеит Ҳазшаз мацара иитәу — Анцәа иеиԥш имҵахырхәаларц. Аҩсҭаа раԥхьатәи аԥҳәыс, Ева, дижьеит, насгьы агәра лиргеит Анцәа иакәымкәа, иара дизыӡырҩырц. Адам Ева длыдгылеит. Адам иӡбара агәаҟрақәеи аԥсреи рахь инанагеит. (Шәаԥхьа Аҟазаара 3:1—6, 19.)

Аҩсҭаа Ева Анцәа идҵа еилалгартә агәра анылирга, иара Анцәа имчра даҿагылеит. Ауаа реиҳараҩык Аҩсҭаа идгылеит, Анцәа Напхгаҩык иаҳасабала мап ицәыркит. Абасала «аԥсабара аҳ» Аҩсҭаа иакәхеит. (Шәрыԥхьа Иоанн 14:30; 1 Иоанн 5:19.)

2. Иамазма агра Анцәа ишамҭа?

Анцәа ишамҭақәа зегьы наӡоуп. Убри аҟынтә раԥхьа ауааи амаалықьцәеи Анцәа иахь азыӡырҩра нагӡаны ирзаарԥшуан (Ҩынтәзакәан 32:4, 5). Аха Анцәа ҳаргьы ахақәиҭра ҳаиҭеит ҳхала иҳаӡбаларц ҭагылазаашьақәак рҿы ҳхы шымҩаԥаҳгалаша. Ари ахақәиҭра алшара ҳнаҭоит бзиа дахьаҳбо аҟынтә ҳаизыӡырҩларц. (Шәрыԥхьа Иаков 1:13—15; 1 Иоанн 5:3.)

3. Избан Анцәа уажәраанӡа ацәгьара зиаҩижьуа?

Иалихыз, иҳәаақәҵоу аамҭа аҩныҵҟа Иегова инапхгара аҿагылара иаҩижьит. Аха избан? Избанзар Анцәа ида анапхгара аҭара ауаа насыԥ шырзаанамго дирбарц (Екклезиаст 7:29; 8:9). Ауаатәыҩсатә ҭоурых аҿы 6 000 шықәса рыҩныҵҟа уи убарҭахеит. Дыҟаӡам убри аҩыза анапхгаҩы аибашьрақәеи, ацәгьоурақәеи, аиашамреи, ачымазарақәеи рҵыхәтәа ԥызҵәаз. (Шәрыԥхьа Иеремиа 10:23; Римаа рахь 9:17.)

Ауаатәыҩсатә напхгара аԥсҭазаара аруадаҩуеит, аха Анцәа инапхгара анасыԥ аанагоит (Исаиа 48:17, 18). Иаарласны Иегова ауаатәыҩсатә напхгарақәа зегьы ықәигоит. Адгьылаҿ инхалоит напхгаҩыс Анцәа далызхыз ауаа (Исаиа 11:9). (Шәаԥхьа Даниил 2:44.)

Шәахәаԥш авидеонҵамҭа «Избан Анцәа агәаҟрақәа заанимкыло?»

4. Иҳалшозеи ҳара Анцәа ичҳара иабзоураны?

Аҩсҭаа ишьақәырӷәӷәаны иҳәеит ауаа рахьтә аӡәгьы феида изаламкәа, бзиабарала Иегова имаҵ иулаӡом ҳәа. Ишәҭахума шәара уи шымцу ашьақәырӷәӷәара? Шәара уи аҩыза алшара шәымоуп! Анцәа ичҳара иабзоураны, ҳара иҳалшоит иааҳарԥшырц иарбан напхгароу иалҳхуа: ауаа рнапхгара, мамзаргьы Анцәа инапхгара. Ҳара ҳалхра иаанарԥшуеит ҳаԥсҭазаашьа зеиԥшроу. (Шәрыԥхьа Иов 1:8—12; Ажәамаанақәа 27:11.)

5. Ишԥаҳалшо ҳара Анцәа Напхгаҩыс иалхра?

Ҳара ҳаӡбарақәа иаадырԥшуеит Анцәа напхгаҩыс дҳамазарц ҳҭаху-иаҳҭахыму

Анцәа напхгаҩыс далаҳхырц азы, ииашаҵәҟьоу адинхаҵара ҳаԥшаароуп — Иара Иажәа, Абиблиа, шьаҭас измоу адинхаҵара, нас абиблиатә ҵарақәа́ инарықәыршәаны анхара (Иоанн 4:23). Ҳара Аҩсҭаа инапхгара мап ацәаҳкразы, аполитикеи аибашьрақәеи ҳаҽрылаҳмырхәуазар ауп, Иисус ишыҟаиҵоз еиԥш. (Шәаԥхьа Иоанн 17:14.)

Аҩсҭаа имчра ихы иаирхәоит агәаԥхашәадареи егьырҭ аграқәеи ибзиоу акы акәушәа иаҳирбарц. Ҳара уи аҩыза аԥсҭазаашьа мап ацәаҳкуазар, ҳҩызцәеи ҳҭынхацәеи рҟынтәи џьоукы ҳхыччалар, насгьы Абиблиа аҵара иаҳԥырхагахалар ҟалоит (1 Пиотр 4:3, 4). Убри аҟынтә ҳара алхра ҟаҳҵароуп. Иҳаԥшаалома ҳара аҩызцәа Анцәа бзиа дызбо рыбжьара? Ҳрықәныҟәалома ҳара аҟәыӷара зныԥшуа изакәанқәа? Ҳара ииашоу алхра ҟаҳҵар, ишьақәҳарӷәӷәоит Аҩсҭаа дшымцҳәаҩу, насгьы ауаа иуадаҩу аҭагылазаашьақәа ирықәшәаргьы, Анцәа изиашаны аанхара шрылшо. (Шәаԥхьа 1 Коринфаа 6:9, 10; 15:33.)

Анцәа ауаа рахь иааирԥшуа абзиабара ацәгьареи агәаҟрақәеи хымԥада ишықәгахо агәра ҳнаргоит. Анцәа имҩа зегь реиҳа еиӷьу мҩоуп ҳәа агәра зго ауаа, наӡаӡа џьанаҭ дгьылаҿ инхалоит. (Шәаԥхьа Иоанн 3:16.)