Иоанн иҟынтә ажәабжь бзиа 8:12—59

  • Аб Иисус дизышаҳаҭуеит (12—30)

    • Иисус адунеи азы длашароуп (12)

  • Авраам ихәыҷқәа (31—41)

    • «Аҵабырг ахақәиҭра шәнаҭоит» (32)

  • Аџьныш ихәыҷқәа (42—47)

  • Иисуси Авраами (48—59)

8  12  Иисус ажәлар рахь ихы рханы абас иҳәеит: «Сара адунеи азы слашароуп. Исышьҭаланы ицо ахаан алашьцараҿы дныҟәалаӡом, аԥсҭазаара алашара имазаауеит». 13  Афарисеицәа ус рҳәеит: «Уара ухы уазышаҳаҭуеит, убри аҟынтә ушаҳаҭра иашаӡам». 14  Иисус иҳәеит: «Сара схы сазышаҳаҭуазаргьы, сышаҳаҭра иашоуп, избанзар сара сахьынтәиаазгьы здыруеит, сахьцогьы здыруеит. Шәара шәакәзар, сахьынтәиаазгьы шәыздыруам, сахьцогьы шәыздыруам. 15  Шәара ауаҩытәыҩса ихәаԥшышьала* ауп ауаҩы шәышиқәыӡбо, сара сакәзар, аӡәгьы сиқәыӡбаӡом. 16  Сиқәыӡбозаргьы, сыӡбара иашоуп, избанзар сымацара сыҟаӡам, саазышьҭыз Сабгьы дсыцуп. 17  Шәзакәан аҿгьы иануп: „Ҩыџьа ашаҳаҭцәа ирҳәо иашоуп“. 18  Сара схы сазышаҳаҭуеит, саазышьҭыз Сабгьы сара дысзышаҳаҭуеит». 19  Усҟан дара иазҵааит: «Дабаҟоу Уаб?» Иисус иҳәеит: «Шәара саргьы сшәыздырӡом, Сабгьы дшәыздырӡом. Сыжәдыруазҭгьы, Сабгьы дыжәдыруазаарын». 20  Иара арҭ ажәақәа иҳәеит аныҳәарҭаҿы, ахазынаҭрақәа ахьыҟаз аҭыԥ аҿы, ауаа Анцәа иажәа андирҵоз. Аха аӡәгьы дыкны димгаӡеит, избанзар иаамҭа мааиӡацызт. 21  Иисус еиҭа ус реиҳәеит: «Сара сцоит. Шәара шәсышьҭазаауеит, аха уеизгьы шәыгәнаҳа шәшаҵоу шәыԥсуеит. Сара сахьцо шәара шәызнеиӡом». 22  Аиудеиаа ус аҳәара иалагеит: «Аҽшьра игәы иҭоума? „Сара сахьцо шәара шәызнеиӡом“ ҳәа зиҳәеи?» 23  Иара иациҵеит: «Шәара адгьыл шәатәуп, сара ажәҩан аҟынтә сааит. Шәара ари адунеи шәатәуп, сара ари адунеи сатәӡам. 24  Убри азоуп шәыгәнаҳақәа шәышрыҵоу шәыԥсуеит ҳәа зшәасҳәаз. Иааираны иҟаз шсакәу агәра шәымгар, шәыгәнаҳақәа шәышрыҵоу шәыԥсуеит». 25  Дара иазҵааит: «Узусҭада, уара?» Иисус ус реиҳәеит: «Сызшәацәажәо сзеилкаауам? 26  Сара иҵегь ишәхысҳәааша рацәаны исымоуп, сызшәықәыӡбашагьы рацәоуп. Саазышьҭыз аиаша ауп ииҳәо, саргьы иара иҟынтә исаҳаз ауп адунеи иаласҳәо». 27  Дара ирзеилымкааӡеит ииҳәоз Иаб иӡбахә шакәыз. 28  Иисус иациҵеит: «Ауаҩытәыҩса Иԥа данышьҭышәхлак*, еилышәкаауеит сара сызусҭоу, насгьы схала иаԥшьганы акгьы шыҟасымҵо. Сара Саб ишысирҵаз еиԥш ауп зегь шысҳәо. 29  Саазышьҭыз сара дсыцуп, иара схала саанимыжьӡеит, избанзар еснагь игәы иахәо ауп иҟасҵо». 30  Абри зегь аниҳәоз игәра згаз рацәаҩхеит. 31  Иисус дхазҵаз ус реиҳәеит: «Сажәа шәықәныҟәозар, сҵаҩцәа шәакәҵәҟьоуп. 32  Шәара аҵабырг еилышәкаауеит, аҵабырг ахақәиҭра шәнаҭоит». 33  Шьоукы ус рҳәеит: «Ҳара Авраам ихылҵқәаз ҳауп, ахаан маҵуцәас ҳаҟаӡамызт. Ахақәиҭра шәоуеит ҳәа зхуҳәаауеи?» 34  Иисус иҳәеит: «Аиашаҵәҟьа шәасҳәоит: агәнаҳа ҟазҵо дарбанзаалак агәнаҳа маҵуҩыс дамоуп. 35  Амаҵуҩы аҩнаҭаҿы наӡаӡа даанхаӡом, наӡаӡа иаанхо аԥа иоуп. 36  Аԥа шәхы шәақәиҭитәыр, ииашаҵәҟьаны ахақәиҭра шәоуеит. 37  Сара издыруеит Авраам шәшихылҵыз, аха шәара сышьра шәашьҭоуп, избанзар сажәа шәыдышәкылаӡом. 38  Сара исҳәо Саб саницыз избаз ауп, шәара иҟашәҵо шәаб ишәирҵаз ауп». 39  Дара ус рҳәеит: «Ҳаб Авраам иоуп». Аха Иисус ус реиҳәеит: «Авраам ихәыҷқәа шәакәызҭгьы, Авраам иҟаиҵоз ҟашәҵалон. 40  Аха шәара сышьра шәашьҭоуп, Анцәа иҟынтә иаҳаз аҵабырг шәазҳәаз ауаҩы ишьра шәашьҭоуп. Авраам ус ҟаиҵаӡомызт. 41  Шәара шәаб иҟаиҵо ауп иҟашәҵо». Дара ус рҳәеит: «Ҳара ҳцәыбзахшақәам*, Абыс иҳамоу Анцәа заҵәык иоуп». 42  Иисус иҳәеит: «Шәаб Анцәа иакәызҭгьы, бзиа сыжәбалон, избанзар сара Анцәа иҟынтә сааит, абар ара сыҟоуп. Сара схаҭа иаԥшьганы смааӡеит, иара иоуп саазышьҭыз. 43  Исҳәо зышәзеилымкаауеи? Изышәзеилымкаауа сажәа ахьшәыдшәымкыло азоуп. 44  Шәаб Аџьныш иоуп. Шәаргьы шәаб игәы аҟаҵара ауп ишәҭаху. Иара Анцәа амц анизиҳәа аахижьҭеи* дуаҩшьҩуп, аҵабырг мап ацәикит, избанзар аҵабырг илаӡам. Амц аниҳәо, ишиҟазшьоу еиԥш иҟаиҵоит, избанзар дымцҳәаҩуп, амц абыс дамоуп. 45  Сара сакәзар, ишәасҳәо ҵабыргуп, убри азоуп сыгәра зышәымго. 46  Гәнаҳак саҽԥнызҳәар зылшо аӡәыр шәыҟоума? Ишәасҳәо ҵабыргызар, сыгәра зышәымгои? 47  Анцәа иитәу Анцәа иажәа дазыӡырҩуеит. Шәара Анцәа шәитәӡам, убри азоуп шәзымӡырҩуагьы». 48  Аиудеиаа ус иарҳәеит: «Уара усамариатәуп, адемонгьы духоуп ҳәа анаҳҳәо, аиаша ҳамҳәаӡои?» 49  Иисус иҳәеит: «Сара адемон дысхаӡам, сара Саб ҳаҭыр иқәысҵоит, шәара — сатәажәбаӡом. 50  Сара ахьӡ-аԥша сашьҭаӡам, ахьӡ-аԥша сызҭар зҭаху дыҟоуп, иара дагьыӡбаҩуп. 51  Аиашаҵәҟьа шәасҳәоит: сажәа назыгӡо ахаан аԥсра ибараны дыҟаӡам». 52  Аиудеиаа ус иарҳәеит: «Уажәшьҭа ииашаҵәҟьаны иаҳдыруеит адемон дшухоу. Авраам дыԥсит, аԥааимбарцәагьы ԥсит, уара „сажәа назыгӡо ахаан дыԥсӡом“ уҳәоит. 53  Уара ҳаб Авраам иаасҭа уеиҳаума? Иара дыԥсит, аԥааимбарцәагьы ԥсит. Уара узусҭада?» 54  Иисус иҳәеит: «Сара схала ахьӡ-аԥша схы иасҭозҭгьы, уи ахьӡ-аԥша акгьы иаԥсахомызт. Аха ахьӡ-аԥша сызҭо Ҳанцәа ҳәа ззышәҳәо Саб иоуп. 55  Ҳанцәа ҳәа изышәҳәоит, арахь дшәыздырӡом, сара дыздыруеит. Дсыздырӡом ҳәа сҳәазҭгьы, шәара шәеиԥш сымцҳәаҩхон. Аха сара дыздыруеит, иажәагьы насыгӡоит. 56  Шәаб Авраам дгәырӷьаҵәа сымш дазыԥшын. Иара уи ибаҵәҟьеит, дагьеигәырӷьеит». 57  Усҟан аиудеиаа ус иарҳәеит: «Уара 50 шықәсагьы ухымҵӡацт, Авраам дабоубахьоу?» 58  Иисус ус реиҳәеит: «Аиашаҵәҟьа шәасҳәоит: сара Авраам диаанӡагьы сыҟан». 59  Усҟан дара ахаҳәқәа шьҭырхит, игәыдырҵарц азы, аха иара иҽрыларӡны, аныҳәарҭа аҟынтәи дцеит.

Албаагақәа

Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «цәеижьла».
Зыӡбахә ҳәоу ашьаҟа дкыдҵаны дшыршьуа ауп.
Абырзен ажәа порне́иа. Шәахәаԥш Ажәар, астатиа «Асексуалтә ламысдара».
Ма «аханатә аахыс».