Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

АБИБЛИА АУАА РЫԤСҬАЗААШЬА АԤСАХУЕИТ

Ишәзыԥшаама «зыхә ҳаракӡоу абырлаш»?

Ишәзыԥшаама «зыхә ҳаракӡоу абырлаш»?

 Иисус ауаа идирҵон Анцәа Иаҳра адунеи аҿы иҟоу ауадаҩрақәа зегьы шаӡбо (Матфеи 6:10). Матфеи 13:44—46 аҿы иануп Аҳра иазку аҵабырг шаҟа ахә ҳараку ҳзырбо ажәамаанақәа ҩба:

  •   адгьыл иқәаарыхуаз, иаалырҟьаны ахьы зыԥшааз ахаҵа изку ажәамаана

  •   абырлаш хазына иашьҭаз, аха зыхә ҳаракыз абырлаш зыԥшааз ахәаахәҭҩы изку ажәамаана

 Рҩыџьагьы ирыԥшааз дара иртәхарц азы иаарымаз зегь рҭиит. Урҭ ахацәа Анцәа Иаҳра ахә ҳаракны изшьо, зхы иамеигӡо ауаа роуп иаадырԥшуа (Лука 18:29, 30). Ари авидеонҵамҭаҿы шәара шәахәаԥшыр шәылшоит Иисус иажәамаанаҿы зыӡбахә аҳәо ауаа иреиԥшу хаҵаки ԥҳәыски рҭоурых.