Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

Ишԥаҟалеи аԥсҭазаара?

Ишԥаҟалеи аԥсҭазаара?

Ишԥацышәҵарыз анаҩстәи ашьақәырӷәӷәара?

АԤСҬАЗААРА ҞАЛЕИТ:

  1. А. АЕВОЛИУЦИА АБЗОУРАЛА

  2. Б. АХШЫҨ ДУ АБЗОУРАЛА

 Аӡәырҩы ргәы иаанагоит анаука ҭызҵаауа авариант А алырхрын ҳәа, агәрахаҵара змоу — авариант Б.

 Аха еснагь уи ус акәӡам.

 Аҵарауаа аӡәырҩы, анаука ҭызҵаауагьы уахь иналаҵаны, аеволиуциа иазку атеориа гәрамгарҭас иҟарҵоит.

 Абар ауниверситет аҿы аеволиуциа атеориа ҭызҵаауаз апрофессор-аентомолог Џьерард Хертел ииҳәаз: «Аԥышәарақәа анысҭиуаз арҵаҩцәа сара сҟынтә ираҳарц ирҭахыз акәын исҳәоз. Сара схаҭа уи агәра згаӡомызт».

 Избан анаука агәра зго ауаагьы аԥсҭазаара аеволиуциа абзоурала иҟалеит ҳәа ақәшаҳаҭхара зырцәыуадаҩу? Уи еилаҳкаарц азы еилҳаргап аҭҵааҩцәа ргәы иҵхо ҩ-зҵаарак: 1) Ишԥаҟалеи Адгьыл аҿы аԥсҭазаара? 2) Ишԥаҿиоз зыԥсы ҭоу зегьы?

Ишԥаҟалеи Адгьыл аҿы аԥсҭазаара?

 ШЬОУКЫ ИРҲӘО. Аԥсҭазаара зыԥсы ҭам аматериа аҟынтә ахала ишьақәгылеит.

 АРИ АҬАК ЗЕГЬЫ ИЗЫРГӘАМԤХО. Иахьа аҵарауаа зыԥсы ҭоу аорганизмқәа рмолекулиартә еиҿартәышьеи урҭ рыҩныҵҟа имҩаԥысуа апроцессқәеи ирызкны ирдыруа рацәоуп. Аха дара иахьа уажәраанӡагьы инагӡаны ирызҳәом аԥсҭазаара закәу. Зыԥсы ҭам аматериеи зыԥсы ҭоу имариаӡоу ахацқәеи злеиԥшым даара ирацәоуп.

 Адгьыл аҿы миллиард шықәсқәа раԥхьа зеиԥш ҭагылазаашьаз иҟаз иазкны аҵарауаа баша ргәаанагарақәа роуп ирҳәар рылшо. Аԥсҭазаара ахьыҟалаз аганахьала дара еицырзеиԥшу агәаанагара рымаӡам, иаҳҳәап, авулкан аҩныҵҟа, аокеанқәа рыҵаҟа, ма даҽаџьара акәу. Шьоукы ирыԥхьаӡоит аԥсҭазаара злаз аелементқәа ҟалеит Жәҩантәылаҿы џьара, анаҩс Адгьыл ахь иааит икаҳаз аметеоритқәа ирылаланы ҳәа. Уи аԥсҭазаара шыҟалаз иазкны аҭак ҳнаҭаӡом. Уи аҭыԥан урҭ агәаанагарақәа ари азҵаара аҭак даҽаџьара иԥшаатәуп ҳәа ҳгәазҭарҵоит.

 Аҵарауаа ргәы иаанагоит иахьа иҟоу агенетикатә материақәа зхылҵыз амолекулақәа ыҟан ҳәа. Дара ирыԥхьаӡоит арҭ амолекулақәа рхала иҟалеит зыԥсы ҭам аматериақәа ирхылҵны, насгьы рхала рхы дырҿион ҳәа. Аха ас еиԥш иҟоу амолекулақәа знымзар-зны иҟан ҳәа зҳәо анаукатә шьақәырӷәӷәарақәа ыҟаӡам. Уи адагьы, аҵарауаа алабораториақәа рҿы урҭ рырҿиара рылымшеит.

 Зыԥсы ҭоу аорганизмқәа ирымоу аинформациа ахьчареи аус адулареи алшара зеиԥшыҟам акоуп. Ахацқәа ргенетикатә код аҿы иҭоу аинструкциақәа ршифр аадыртуеит, еимырдоит, насгьы инарыгӡоит. Аҵарауаа шьоукы агенетикатә код акомпиутертә программа иаҿдырԥшуеит, ахацқәа рхимиатә еиҿартәышьа — акомпиутер ахаҭа. Аеволиуциа иҳанаҳәаӡом агенетикатә код аҿы иҟоу аинформациа ахьынтәиааз.

 Амолекула абелок ада ахацқәа аус рзуӡом. Абелок злоу амолекула шәкыла аминоҵәыҵәырақәа рыла ишьақәгылоуп, дара еидҳәалоуп иалкаау аишьҭагылашьа ала. Иара убас уи ииашаны аус ауларц азы абелок хԥаны ишьақәыргылоу иҷыдоу аформа аанахәар ауп. Аҵарауаа шьоукы ишырыԥхьаӡо ала белокк иадамзаргьы ахала иҿиартә ҟалашьа амамызт. Уи азы алшарақәа даараӡа, даараӡа имаҷуп. «Ахацқәа рыԥсы ҭазарц азы иаҭахуп зқьыла еиуеиԥшым абелокқәа,— иҩуеит афизик Пол Деивис.— Убри аҟынтә урҭ ус баша рхала иҟалеит ҳәа ухаҿгьы иузаагом».

 АЛКАА. Ажәашықәсақәа рыҩныҵҟа аҭҵаарадыррақәа рыхкқәа зегь рҟны имҩаԥгаз аҭҵаарақәа ишьақәдырӷәӷәоит абри аҩыза афакт: аԥсҭазаара ҟалоит уаанӡа ишьақәгылахьаз аԥсҭазаара аҟынтә.

Ишԥаҿиоз зыԥсы ҭоу зегьы?

 ШЬОУКЫ ИРҲӘО. Машәыршәа иҟалаз амутациеи аԥсабаратә аилыхреи рыбзоурала раԥхьатәи зыԥсы ҭалаз аорганизм аҟынтә хәыҷы-хәыҷла иҿиеит еиуеиԥшым аорганизмқәа, ауаагьы уахь иналаҵаны.

 АРИ АҨЫЗА АҬАК ЗЕГЬЫ ИЗЫРГӘАМԤХО. Хацқәак егьырҭ раасҭа реиҿартәышьа цәгьоуп. Ишԥарылшеи имариоу ахацқәа еиҳа ицәгьоу хацқәаны рыҟалара? Енциклопедиак аҟны ишаҳәо ала, ари азҵаара «аԥсҭазаара аҿиара ашьҭахь аҩбатәи аеволиуциатә маӡа ауп ҳәа лассы-лассы иазырҳәоит» (Britannica Online Encyclopedia).

 Аҵарауаа игәарҭеит ахацқәа зегьы рыҩныҵҟа ишыҟоу абелоктә молекулақәа рыла ишьақәгылоу имариам амеханизмқәа. Дара еицхыраауеит имариам аусқәа рынагӡараҿы. Урҭ аусқәа рахь иаҵанакуеит ихырҳагоу амаҭәашьарқәа рызнагара, насгьы уи аҟынтә аенергиахь аиагара, ахацқәа рыхәҭақәа «рырҽеира», насгьы аҩныҵҟа аинформациа аныҟәгара. Ирылшозма иуадаҩу арҭ ахацқәа рыхәҭақәа машәыршәа иҟалаз амутациеи аԥсабаратә аилыхреи рыбзоурала рҽеидкыланы аусура алагара? Аӡәырҩы ирцәыуадаҩуп уи ақәшаҳаҭхара.

 Аԥстәқәеи ауааи рыԥсҭазаара алагоит иӷьарку хацкәтаӷьк ала. Аембрион аҩныҵҟа ахацқәа рҽыршоит, анаҩс еидыҵуеит, еиԥшым аформақәа аархәоит, насгьы еиуеиԥшым афункциақәа нарыгӡоит. Абасала ацәеижь ахәҭақәа зегьы шьақәгылоит. Аеволиуциа аҭак азыҟаҵаӡом ахацқәа зегьы «излардыруа» дара шыҟалаша, насгьы аорганизм аҿы иахьыҟалаша.

 Иахьа аҵарауаа еилыркаауеит: ԥстәқәак рыхкы даҽа хкык алҵырц азы иаҭахуп амолекулиартә знеишьа ала ахацқәа рыҩныҵҟа аԥсахрақәа. Аҵарауаа аеволиуциа абзоурала «имариаӡоу» хацк иадамзаргьы шыҟалаз ҳарбара рылшаӡом. Ус анакәха, иҳалшома машәыршәа иҟалаз амутациеи аԥсабаратә аилыхреи рыбзоурала ҳапланетаҿы еиуеиԥшым аԥстәқәа рыхкқәа ҟалеит ҳәа агәра ҳгар? Абиологиа ҭызҵаауа апрофессор Маикл Бихи иажәақәа рыла, анаукатә ҭҵаарақәа «иаҳзаадыртит аԥстәқәа имариам реиҿартәышьа, аха иахьа уажәраанӡа аӡәгьы имч алаӡамкәа абри зегьы шыҟалаз аилкаара цәгьоуп».

 Ауаа ирымоуп ахдырра, дара ирылшоит ахәыцра, мамзаргьы ак азхәыцра, иаадырԥшуеит агәыҭбаареи ахамеигӡареи, еилыркаауеит ацәгьеи абзиеи закәу. Машәыршәа иҟалаз амутациеи аԥсабаратә аилыхреи иҳаилдыркааӡом ауаҩы абас еиԥш иҟоу зеиԥшыҟам аҟазшьақәа илазҵаз.

 АЛКАА. Аӡәырҩы ирҳәоит аԥсҭазаара аеволиуциа абзоурала аҟалара — ари ҿагылашьа змам фактуп ҳәа. Аха аԥсҭазаара шыҟалаз, насгьы ишыҿиаз иазкны аеволиуциа агәра зго иҟарҵо ашьақәырӷәӷәарақәа ирықәшаҳаҭым ауаа ыҟоуп.

Зегьы еилыркаар рыхәҭоу аҭак

 Аӡәырҩы ашьақәырӷәӷәарақәа анҭырҵаа ашьҭахь, алкаа ҟарҵеит аԥсҭазаара хшыҩ дук ишаԥнаҵаз. Абас еиԥш иҟоу алкаа ҟаиҵеит уаанӡа ӷәӷәала атеизм иадгылоз, афилософиа ҭызҵаауа апрофессор Ентони Флиу. Зыԥсы ҭоу аорганизмқәа имариам реиҿартәышьеи аԥсабаратә закәанқәеи анеиликаа, иара игәаанагара иԥсахит. Ажәытәтәи афилософцәа ражәақәа ааго, иара иҩит: «Афактқәа урықәшаҳаҭхалароуп, урҭ ирҳәозаалакгьы». Апрофессор Флиу агәра игеит афактқәа зегьы ишудырбо Ҳазшаз дшыҟоу.

 Хьыхь зыӡбахә ҳәаз Џьерардгьы абас еиԥш иҟоу алкаа ҟаиҵеит. Иара аентомологиа аганахьала аҵара ду шимазгьы, уи иԥырхагамхаӡеит абас аҳәара: «Сара исымбаӡеит аԥсҭазаара зыԥсы ҭам аматериа аҟынтә иаалырҟьаны ишыҟалаз узырбо ашьақәырӷәӷәарақәа. Аиҿкаара ӷәӷәеи зыԥсы ҭоу аорганизмқәеи имариам рышьақәгылашьа агәра сдыргеит зегь зшаз, насгьы зегьы еиҿызкааз Ашаҩы дыҟазар шахәҭоу».

 Асахьаҭыхҩы исахьақәа рыла иара изкны еилукаауа рацәоуп. Убас еиԥш Хертел аԥсабара анҭиҵаауаз, ибеит Ҳазшаз иҟазшьақәа. Уи адагьы, ари аҵарауаҩ Абиблиа аҭҵаара далагеит. Уи ашәҟәы Автор Ҳазшаз иоуп (2 Тимофеи иахь 3:16). Уа иара иԥшааит аԥсҭазаара шыҟалаз иадҳәалоу азҵаарақәа рҭак, насгьы урҭ рыгәра угартә ишыҟоу ибеит. Иара убас иԥшааит иахьа иҟоу ауадаҩрақәа рыӡбара иуцхраауа алабжьарақәа. Уи зегьы агәра инаргеит Абиблиа — иреиҳаӡоу ахшыҩ змоу ирҿиамҭа шакәу.

 Хертел иԥхьаӡоит Абиблиаҿы иану ҳаԥсҭазаара иазку азҵаарақәа рҭакқәа зегьы ирдыруазар ауп ҳәа. Ҳара урҭ еилышәкаарц шәааҳаԥхьоит.