Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

АШӘА 145

Анцәа ҳзықәиргәыӷыз џьанаҭ дгьыл

Анцәа ҳзықәиргәыӷыз џьанаҭ дгьыл

(Лука 23:43)

  1. 1. Џьанаҭ ҳшынхо Анцәа ҳиргәыӷуеит,

    Иԥазаҵә ила уи ҳҭынхап.

    Ҳагәнаҳа ҳхихуеит, зегь ирҽеиуеит,

    Убасҟан Уи ҳагәҭа дынхап.

    АХАПА

    Џьанаҭхоит адгьыл зегь ҩаԥхьа,

    Доуҳатә блақәа ԥхьаҟа ирха.

    Христос изы игәахәароу

    Иаб игәҭакы анагӡароуп.

  2. 2. Иегова Ҳаб Христос дазикит,

    Иԥсхьоу иҭеиҵарцаз рыԥсы.

    Иисус убас аӡәы диргәыӷит:

    «Усыцҟалоит џьанаҭ аҿы».

    АХАПА

    Џьанаҭхоит адгьыл зегь ҩаԥхьа,

    Доуҳатә блақәа ԥхьаҟа ирха.

    Христос изы игәахәароу

    Иаб игәҭакы анагӡароуп.

  3. 3. Ҿыц иҟаиҵап Иисус џьанаҭ ԥшӡа,

    Аҳас дҟаҵоуп иахьа иара.

    Аџьшьара иҭала Иегова,

    Уаҿыз уи ашәаҿ ирҽхәара.

    АХАПА

    Џьанаҭхоит адгьыл зегь ҩаԥхьа,

    Доуҳатә блақәа ԥхьаҟа ирха.

    Христос изы игәахәароу

    Иаб игәҭакы анагӡароуп.

(Уахәаԥш иара убас Матф. 5:5; 6:10; Иоанн 5:28, 29.)