Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

АШӘА 128

Аҵыхәтәанынӡа ачҳара

Аҵыхәтәанынӡа ачҳара

(Матфеи 24:13)

  1. 1. Анцәа иҵабырг ҳақәгәыӷуеит,

    Амч ҳнаҭоит, иҳачҳарц.

    Аԥышәарақәа ҳԥышькласуеит,

    Ҳаӡрыжәны урҭ ҳҟарҵаларц.

    Анцәа ҳа ҳзықәиргәыӷуа зегь

    Еиқәырхагоуп ҳара ҳзы.

    Уазықәԥа ӷәӷәала уцқьара,

    Анцәа имш угәы иҭакыз.

  2. 2. Абзиабара мырӡлатәуп,

    Есымша уи хьчала.

    Аԥсҭазаара уадаҩзаргьы,

    Ахачҳарагьы аарԥшла.

    Ашәара наҟ иԥхауҵароуп,

    Уақәшәар ацәгьаԥышәара.

    Анцәа иҳаиҭап ԥсеивгарак,

    Ҳашсабоу ибоит иара.

  3. 3. Аҵыхәтәанынӡа кыр зычҳаз,

    Анцәа урҭ еиқәирхоит.

    Ишәҟәы ианылап рыхьыӡқәа,—

    Наӡаӡагьы инхалоит.

    Аԥышәараан акрычҳара,

    Инагӡаҵәҟьаны иаарԥшла.

    Иегова, Ҳаб, игәы ҟаҵо,

    Ибзиабараҿ уаанха.