Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

АШӘА 117

Абзиара ҟаҳҵалап

Абзиара ҟаҳҵалап

(2 Ашықәсынҵа 6:41)

  1. 1. Шаҟа бзиара ҳурбазеи,

    Ҳаб, уа уразра рацәоуп.

    Уи уусқәа рҿы иаҳбарҭоуп,

    Уҟоуп гәыкала, уԥшьоуп.

    Ахә ҳамшьои, Иегова, улԥха,

    Ҳа ҳзыԥсам угәыбылра.

    Ҳумҵахырхәаларц уаԥсами,

    Уҳарҽхәоит еснагь ҳара!

  2. 2. Ҳанцәа, бзиарас иулоу

    Ҳашьцәа русқәа рҿы иааԥшуеит.

    Дара рхымҩаԥгашьа бзиа

    Рмаҵзурала жәлар ирбоит.

    Ахьча иеиԥш напхгара ҳауҭоит

    Аҵара ҳара иаҳҵарц,

    Удоуҳа цқьа ҳауҭарц ҳуҳәоит,

    Аус бзиақәа ҟаҳҵарц!

  3. 3. Ҳашьцәа рахь, еилых ҟамҵакәа,

    Иааҳарԥшлап агәыбылра.

    Аус бзиақәа ҳарҿиозар,

    Урҭ ҳарҩызцәахоит ҳара.

    Ҩныз, еизараз, ҳахьцалакгьы,

    Аус бзиа ҟаҳҵалап.

    Уи азы умч ҳауҭарц ҳуҳәоит,

    Гәыҭбаарала иҟоу Ҳаб!

(Уахәаԥш иара убас Аԥсал. 103:10; Марк 10:18; Гал. 5:22; Еф. 5:9.)