Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Иҟасҵарызеи апорнографиа ахәаԥшра шьцыларас ишьҭысхзар?

Иҟасҵарызеи апорнографиа ахәаԥшра шьцыларас ишьҭысхзар?

Абар иҟауҵар улшо:

 Уазхәыц апорнографиа закәу. Апорнографиа Иегова ицқьаны, насгьы аҳаҭыр иаԥсаны иишаз аҟьашьуеит. Уи еилукаауазар, ацәгьара уцәымыӷхоит (Аԥсалом 96:10 [97:10, АдҾ]).

 Алҵшәақәа урызхәыцла. Апорнографиа иланарҟәуеит уа зыҽҭызхуа ауаа рыпату. Уи адагьы, иахәаԥшуа ауаа бжьнахуеит. Абиблиаҿы баша ианым: «Хара иԥшуа арыцҳара ибоит, насгьы иҽацәихьчоит» (Ажәамаанақәа 22:3).

 Аҿаҭахьа шьҭаҵа. «Сыблақәеи сареи ҳабжьара аиқәшаҳаҭра бжьасҵеит. Ишԥасылшо сгәы хыҭ-хыҭуа аҭыԥҳа лыхәаԥшра?» — иҳәеит Анцәа изиашаз Иов (Иов 31:1). Иарбан «еиқәшаҳаҭрақәоу» уара иубжьоуҵар улшо? Абар ҿырԥштәқәак:

  •  Схала саныҟоу аинтернет сҭалаӡом.

  •  Иаалырҟьаны иаатуа аеротикатә сахьақәа зну асаитқәа иаразнак иасырклоит.

  •  Сыҽсызнымкылакәа апорнографиа сахәаԥшыр, доуҳала ишәу сҩыза сиацәажәоит.

Апорнографиа ҷыдарак амоуп: уахәаԥшцыԥхьаӡа мап ацәкра еиҳа иуадаҩуп

 Анцәа уиҳәала. Аԥсаломшәаҳәаҩ Анцәа Иегова диҳәон: «Сыблақәа иаԥсам аҟынтә иаԥырга» (Аԥсалом 118:37 [119:37, АдҾ]). Анцәа уара уаиааирц иҭахуп, убри аҟынтә ацхырааразы уиҳәозар, ииашаны ухы мҩаԥугаларц азы амч уиҭоит! (Филиппаа рахь 4:13).

 Аӡәы уиацәажәа. Иумоу ауадаҩра аӡәы иоуҳәарц уӡбар, уи ашьцылара аиааираҿы ихадоу ашьаҿа ҟауҵоит (Ажәамаанақәа 17:17).

 Иухоумыршҭын. Апорнографиа ахәаԥшразы иузцәырҵуа агәаҳәара мап анацәукуа, уара аиааира ду угоит. Изеиҭаҳәа Иегова уи аиааира аӡбахә, насгьы иуиҭаз амч азы иҭабуп ҳәа иаҳәа. Апорнаграфиа ахәаԥшра мап анацәукуа, Иегова дургәырӷьоит! (Ажәамаанақәа 27:11).