Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Дибахьоума аӡәыр Анцәа?

Дибахьоума аӡәыр Анцәа?

Абиблиа иану

 Ауаа рҟынтә аӡәымзар-аӡәгьы Анцәа димбацт (Ақәҵымҭа [Исход] 33:20; Иоанн 1:18; 1 Иоанн 4:12). Абиблиа иануп «Анцәа ддоуҳауп» ҳәа; ари аԥсҭазааратә форма ауаҩы ибар залшом (Иоанн 4:24; 1 Тимофеи иахь 1:17).

 Аха амаалықьцәа Анцәа ибара рылшоит, избанзар дара доуҳатә шамҭақәоуп (Матфеи 18:10). Уи инеиҳангьы, иԥсхьоу ауаа шьоукы жәҩантәи аԥсҭазааразы рыԥсы анҭаҵахо, насгьы адоуҳатә цәеижь анроуа, Анцәа дырбар рылшоит (Филиппаа рахь 3:20, 21; 1 Иоанн 3:2).

Уажәы Анцәа «ибара» шҳалшо

 Лассы-лассы Абиблиаҿы ажәа «абара» даҽа ҵакык амоуп, зны-зынла уи иҷыдоу ак аилкаара иадҳәалоуп (Исаиа [Исаия] 6:10; Иеремиа [Иеремия] 5:21; Иоанн 9:39—41). Убри аҟынтә иаҳҳәар ҳалшоит иахьа ауаҩы Анцәа ибара илшоит игәы аблақәа рыла ҳәа, агәрахаҵара аарԥшуа Анцәа иеилкаара иҽазишәозар, насгьы иҟазшьақәа рыхә ишьозар (Ефесаа рахь 1:18). Абиблиа иҳанаҳәоит ас еиԥш иҟоу агәрахаҵара аизырҳаразы иҟаҵатәу.

  •   Еилышәкаала Анцәа иааирԥшуа аҟазшьақәа ишамҭақәа шәрыхәаԥшны, иаҳҳәап, абзиабара, аҳалалра, аҟәыӷара, амч (Римаа рахь 1:20). Анцәа ишамҭақәа рыӡбахә Иов ианигәалаиршәа ашьҭахь, азиашара аазырԥшуаз уи ауаҩы Анцәа лабҿаба дибазшәа дҟалеит (Иов [Иов] 42:5).

  •   Деилышәкаала Анцәа Абиблиа ҭҵаауа. Уи агәра ҳнаргоит: «Уара уи [Анцәа] дуԥшаалар, иара дуԥшаартә еиԥш алшара уиҭоит» (1 Ашықәсынҵа [1 Летопись] 28:9; Аԥсалом 118:2 [119:2, АдҾ]; Иоанн 17:3).

  •   Деилышәкаала Анцәа Иисус Христос иԥсҭазаара иазку адыррақәа еизырҳауа. Иисус Иаб, Анцәа Иегова, иҟазшьақәа нагӡаны иааирԥшуан, убри аҟынтә иҳәар илшон: «Сара сызбахьоу Сабгьы дибахьеит» (Иоанн 14:9).

  •   Анцәа дшәыргәырӷьалартә еиԥш шәынхала, усҟан дышшәыцхраауа жәбоит. Иисус иҳәеит: «Бзазара рымоуп згәы-зыԥсы цқьоу, урҭ Анцәа дырбарҭоуп». Хыхь ишҳәаз еиԥш, Анцәа дзыргәырӷьо шьоукы жәҩантәи аԥсҭазаара роуеит, уа дара Анцәа дырбоит (Матфеи 5:8; Аԥсалом 10:7 [11:7, АдҾ]).

Дрымбаӡози Анцәа Моисеи, Авраам, насгьы егьырҭ ауаа?

 Абиблиа иану хҭысқәак уанрыԥхьо, ауаа Анцәа лабҿаба дырбозшәа угәы иаанагар алшоит. Аха аконтекст иҳаилнаркаауеит урҭ аҭагылазаашьақәа рҿы Анцәа даазырԥшуаз амаалықь шиакәыз, мамзаргьы абараҿы шакәыз ауаа Анцәа дшырбоз.

 Амаалықьцәа.

Ажәытәан Анцәа амаалықьцәа ихаҭарнакцәа реиԥш иааишьҭуан, урҭ Анцәа ихьӡала ауаа ирацәажәон (Аԥсалом 102:20 [103:20, АдҾ]). Иаҳҳәап, Абиблиаҿы иануп Иегова амца зкыз ачықь аҟынтә Моисеи даниацәажәоз, «Моисеи ихы-иҿы аиркит, избанзар ииашаҵәҟьоу Анцәа ихәаԥшра дшәон» ҳәа (Ақәҵымҭа [Исход] 3:4, 6). Аха аконтекст ишаҳәо ала, Моисеи Анцәа иакәымкәа, «Иегова имаалықь» иакәын иибоз (Ақәҵымҭа [Исход] 3:2).

 Иара убас Абиблиа иануп Анцәа «лабҿаба Моисеи диацәажәон» ҳәа. Аха уи иаанаго урҭ реиҩызара даара ишыӷәӷәаз ауп (Ақәҵымҭа [Исход] 4:10, 11; 33:11). Моисеи Анцәа лабҿаба димбаӡеит, аха амаалықьцәа рыла аацҳара иоуан (Галаҭаа рахь 3:19; Аусқәа 7:53). Аха Моисеи игәрахаҵара убри аҟара иӷәӷәан, «аӡәгьы Ибарҭамыз дибозшәа» (Ауриацәа рахь 11:27).

 Убас еиԥш Анцәа амаалықьцәа рыла Авраамгьы диацәажәон. Абиблиа уанаԥхьо, Авраам Анцәа лабҿаба дибозшәа угәы иаанагар алшоит (Аҟазаара 18:1, 33). Аха аконтекст излаҳнарбо ала, Авраам иахь инеиз «хҩык ахацәа», Анцәа инаишьҭыз амаалықьцәа ракәын. Авраам урҭ Анцәа ихаҭарнакцәа шракәыз еиликааит, убри аҟынтә Иегова диацәажәозшәа акәын дара дышрацәажәоз (Аҟазаара [Бытие] 18:2, 3, 22, 32; 19:1).

 Абарақәа.

Анцәа ауаа рхаҿы ицәырҵуа асахьақәа — абарақәа — рыла дырбартә иҟаиҵон. Иаҳҳәап, Абиблиа иануп Моисеи, насгьы егьырҭ ауриацәа «Израиль Анцәа дырбеит» ҳәа, аха ҵабыргыҵәҟьаны дара абараҿы ауп ииашаҵәҟьоу Анцәа дахьырбоз (Ақәҵымҭа [Исход] 24:9—11). Иара убас Абиблиаҿы иануп аԥааимбарцәа зны-зынла ишырҳәоз «Сара Иегова дызбеит» ҳәа (Исаиа [Исаия] 6:1; Даниил [Даниил] 7:9; Амос [Амос] 9:1). Арҭ ахҭысқәа зегьы рҿы аконтекст иаҳнарбоит урҭ Анцәа лабҿаба акәымкәа, абараҿы дшырбоз (Исаиа [Исаия] 1:1; Даниил [Даниил] 7:2; Амос [Амос] 1:1).